Гостиница Рица

Ажәабыжьқәа

2721Аҟәа ақ. аҿы иҟоу асасааирҭа «Риҵа» - ари асасцәеи атуристцәеи зегьы раасҭа бзиа ирбо ҧсшьарҭа ҭыҧуп. Ҩнымаҭәа хыркыла ирхиоу ари асасааирҭа егьырҭ ирылукаауеит аамҭа иақәшәо иҟоу астиль ала, амаҵзура ҳараки, аномерқәа ринтериери рыла, иара убас, зегьы раасҭа ихадароу – уи иманшәаланы, аидеалра зныҧшуа иҟаны иазылху аҭыӡҭа ҭыҧ ауп. Асасааирҭа «Риҵа» ҭоурыхла ибеиоу аҧшаҳәаҿы игылоуп, ҩ-минуҭк рыла уазнеиуеит иҧшӡаӡа, иҧхаӡа иааҧшуа амшын.
Иззымдыруа шәзы – Амҳаџьырцәа рыҧшаҳәа – ари Аҟәа апроменад Хада ауп. Амҩа зегьы аҵиаа лыҧшаахқәа рыла иҭалаҳауп: аевкалиптқәа, аҧсақәа, аолеандрақәа. 1914 ш. азы асасааирҭа аргылара иалгеит, аҧшаҳәагьы уи ашықәсан иаҧҵан – арҭ, ииашаҵәҟьаны, аҭоурых ду змоу ҭыҧқәоуп, иаҭаауагьы иара зыҧсоу ахәшьара ду арҭоит.
Аҳәара уадаҩуп, раҧхьа зыӡбахә ҳәатәу – Аҟәа аҭыҧ лыҧшаах ҷыдақәа ракәу, мамзаргьы иара асасааирҭа ахаҭа аӡбахә акәу, избан акәзар, иара асасааирҭа ахаҭагьы илҧшааху аҭыҧ ҷыдақәа рахь иаҵанакуеит. Ари акыр зхыҵуа, хҧаны еихагылоу хыброуп. Иара аҩныҵҟа иҟоуп иахьатәи аамҭазы зыҧсшьара аамҭа зхызго зыда ҧсыхәа имам зегьы: аинтернет-кафе, азлара акафе, европатәи амилаҭтәи ҭхаџьырҭа ҭыҧқәа.

botsadАҧсшьара аамҭа аилашымҭа. Дасу игәабзиара аиӷьтәразы, иҧсшьара ишахәҭоу ахгаразы дахьцаша дазхәыуеит. Зны заҵәык адамхаргьы Аҟәа иаҭааз, даҽаџьара ацара уаҳа деиламауа дҟалом. Уи зыбзоуроу аҳауа џьашьахәи, иҧхаӡа иҟоу амшынӡи, афатә хазынақәеи рымацара ракәӡам. Аҟәа беиоуп иџьашьахәу ахатәы ҭыҧ ҷыдақәа рыла.

Ақалақь агәадура – Аботаникатә баҳча

Ақалақь агәҭаны инашьҭуп аботаникатә баҳча, уи ахьӡ-аҧша Кавказ аҳәаақәа ирҭыҵуеит, иара аҵиаа лыҧшаахқәа рыӡбахә Европа инаӡахьеит. 5 нызқь хкы иреиҳаны ара изызҳауа адунеи зегьы аҟнытә еизгоу аҵиаақәа рбарц азы арахь иаауеит хыҧхьаӡара рацәала мраҭашәарантәи атуристцәа. Аҧсны иаҭаауа зегьы неиуеит ирбарц азы 160 шықәса инеиҳаны изхыҵуа ари Аботаникатә баҳча. Аҟәа азҧагьоуп 250 шықәа ара изызҳауа Кавказтәи аҭәаҵла ала.
Аботаникатә баҳча бзианы ирдыруеит аҳәаанырцәтәи асасцәагьы, убри аҟнытә екскурсиак аҳасабала еиуеиҧшым атәылақәа рыҟнытә арахь иаҭаауеит атуристцәа.

sukhum ritsaАҟәа аҧшаҳәа хадаҿы игылоуп асасааирҭа «Риҵа». Ахыбра ахатәы ҭоурыхтә легендақәа амоуп, уи уаанӡатәи Аҟәа ахаҿра ҳзырбо асахьаҭыхыҩцәа, акомпозиторцәа, ашәҟәыҩҩцәа рмуза аазыртуаз сасааирҭаны иҟан, ара иаанҿасхьан имаҷымкәа еицырдыруаз ауаа. Асасааирҭа изныкымкәа ахьӡ аҧсаххьеит, иара убас аҧшәмацәагьы, ус егьа иҟазаргьы, уи ахьӡ еснагь иадҳәалан амшын аҧшаҳәаҿы аҧсшьарҭа бзиаӡа.

«Риҵа» аромантикала иҩычоуп, асасааирҭа адәахьтәи аҧшра, архитектура лыҧшаах Аҧсны зегьы реиҳа иҧшӡоу хыбраны иҟарҵоит. ХХ ашәышықәса иамаз ахыҧша иахьагьы ирнубаало иҟоуп здаҟам апартаментқәа, иамаз ахыҧша ду атәы рҳәоит еиқәханы иҟоу архитектура ахәҭақәа. Ахыбра шкәакәа амра шәахәа аҽылаҳәаны аҽакәабошәа ауп ублаҿы ишааиуа.

sukhum ritsa

Асасааирҭа «Риҵа» - Аҧсны зегьы реиҳа иҧшӡоу, аромантика зныҧшуа сасааирҭоуп. «Риҵа» аартын 1914 ш. азы, убри инаркны иҟалеит иара Аҟәа ахаҿра иасимволны, иахьагьы еиқәханы иҟоуп 20-тәи ашәышықәсазы иамаз аиҿкаашьа лыҧшаах.
2014 шықәсазы асасааирҭа иазгәанаҭоит шәышықәса ахыҵра. Ари аиубилеи инамаданы, сынтәа, есымза асасааирҭа ахолл аҿы имҩаҧыслоит еицырдыруа аҧсуа асахьаҭыхыҩцәеи афотоҭыхыҩцәеи русумҭақәа рцәыргақәҵа. Абас, мшаҧымзазы, ара еиҿкаан зҟыбаҩ бзиоу аҧсуа фотограф Ибрагим Ҷкадуа ифотоцәыргақәҵа «Модерн».
Афотопроект шьаҭас иазыҟалеит «Модерн» астиль ала иаҧҵоу Русудан Кобиакова иаҧылҵаз аҳәса рышәҵатәы аколлекциа. Ибрагим Ҷкадуа зеиӷьаҟам ифотоҭыхымҭақәа Модерн астиль ала иаадыртуеит убла хнакратәы иҧшӡоу адунеи.